Аԥсны

"Иан дихԥсааит": Шаликәа Џьыкырба иҭоурых

Sputnik
1941-1945 шықәсқәа рзы ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа рыԥсы ахҭнырҵеит зықьҩыла аԥсуаа, убриаҟарагьы иақәдырӡеит ргәабзиара. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Мгәыӡырхәа ииз, иааӡаз Шаликәа Џьыкырба дыруаӡәкыуп, ихымхәаны зыҩныҟа ихынҳәыз, аха иара даанӡа дҭахеит ҳәа иҭаацәа ироуз ашәҟәы зан дахыԥсааз. Аҭоурых анҵоуп Шаликәа иԥҳа Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла.
Шәҩыла Мгәыӡырхәа иалҵыз аҵеицәа, азеиԥш ԥсадгьыл рыԥсы ахҭнырҵеит. Ирацәаҩуп аибашьра ибжанатәыз. Шаликәа Муса-иԥа Џьыкырба дқәыԥшӡан иашьеиҳабы Камшьышь ихаҭыԥан, арратә комиссариат аҟны днеины арзаҳал ҩны хатәгәаԥхарала афронт ахь данцоз. Уи аамҭазы Шаликәа уахынлатәи ашкол далганы, Аҟәатәи аҵараиурҭақәа руак аҟны арратә курсқәа дырхысхьан. Арԥыс 1941 шықәса анҵәамҭазы Керчҟа дыршьҭуеит. Уи нахыс ихабар еилкаахом.
"1942 шықәса нҵәоны, Мгәыӡырхәа ақыҭсовет аиҳабы саб иашҭаҿы дааины, иашьа Камшьышь ихьӡ ҳәаны ҿиҭоит. Данааидгыла, ибжьы уамак имырдуцәан, "аԥсӡы ааит, Шаликәа дҭахеит" ҳәа иаиҳәоит. Убри аамҭазы ашьшәыраҿы ахш ыжәуа итәаз аҷкәынцәа ран Хьфаф Барцыцԥҳа ллымҳа иҭасуеит ари ажәабжь хлымӡааз. Лҿамҩа лбаалдаанӡа илыхәласны уааҵәҟьа лыԥсы лхыҵуеит. Агәараҭаҟны ҵәыуарахеит. Ани аԥеи наӡаӡа абзиараз ҳәа рарҳәеит. Ан анышә данамардоз лԥа имаҭәа лыварҵеит", - еиҭалҳәоит Шаликәа иԥҳа Гәыгәыца.
Хьфаф Барциц
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анцоз, Аҟәа ақалақь "Аџьар ҟаԥшь" дахагылан, 37-тәи ашықәсқәа раан Нестор Лакәаба иреволиуциатә хеидкыла "Кьараз" иалаз аԥҳәызба, "Омар Џьыкырба" ҳәа ажәлар рҟны еицырдыруаз Малица Џьыкырԥҳа. Лара лашьцәа Сталини Бериеи рполитика хәашь иахҟьаны иандырӡ ашьҭахь, Шаликәеи Камшьышьи ракәын дзықәгәыӷуаз. Аиаҳәшьа цәалашәарак лоун илыӡбоит, Керчҟа, Шаликәа ибаҩ аԥшааразы аԥырра. Уаҟа адырра лоуоит, аԥсуаа рахьтә ишьызи ихәызи аӡәырҩы Адлертәи аԥсцәа ахьышьҭарҵози агоспитальқәеи рахь ишыршьҭыз. Даалаганы вертолиотла уахь дыԥроит.
Аԥсны
"Ахаҵамԥҳәыс": Малица-Омар Џьыкырԥҳа лҭоурых
"Малица аморгқәеи агоспитальқәеи шеимылдоз, Аҟәантәи ԥсыуаак лықәшәоит. Дара иларҳәоит дахьнеишаз аҭыԥ. Убас агоспитальқәа руак аҟны саб ахәра ӷәӷәа иманы дшышьҭаз дылԥшаауеит. Аҭакԥхықәра лхы иадҵаны, длыманы Аԥсныҟа даауеит. Хаҭала ихәшәтәра хылаԥшра аҭаны ишьапы дықәларгылоит", - лажәа иацылҵоит Гәыгәыца.
Шаликәа Џьыкырба аҩбатәи агәыԥ ахымхәара шимазгьы аҩны дымтәеит. Маҷк игәабзиара анышьақәгыла, ақыҭаҿы анагӡаратә Комитет аиҳабыс дахагылоит. Дкоммунистын. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа ашкол аҿы арратә ус мҩаԥигон. Анаҩс ихәрақәа рыҽцәырырган, ачымазара дзазымаиааикәа идунеи иԥсахуеит. Ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
Шаликәа Џьыкырба иԥацәа Варлами Виктори Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, раб иеиԥш фырхаҵарала аӷа иҿагылеит. Виктор Омск дыҟан, имаҵура ду ныжьны, ԥхьаҟатәи икариера мап ацәкны Аԥсныҟа дааит, иахьагьы иаб игәараҭа дахуп.
Зашьа ицымхәрас афронт ахь ицаз: Гәыгәыца Џьыкырба еиҭалҳәоит еибашьуаз лаб иҭоурых
Шаликәа Џьыкырба аибашьраан ицыз амаҭәарқәа, иахьагьы еиқәырхоуп. Урҭ Гәдоуҭа иҟоу, С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аҿы аҭоурыхтә експонатқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Иара иԥшәмаԥҳәыс Олиа Гәынԥҳагьы, ақыҭаҿы днапҟазаны деицырдыруан. Лнапкымҭақәагьы ари амузеи аҟны ишьҭоуп.