"Ахаҵамԥҳәыс": Малица-Омар Џьыкырԥҳа лҭоурых
18:30 15.06.2025 (ирҿыцуп: 18:54 15.06.2025)
© Foto / Гудаутский музей им. С. ДбарМалица-Омар Џьыкырԥҳа

© Foto / Гудаутский музей им. С. Дбар
Анапаҵаҩра
Аҭоурых ибзианы иадыруеит ахацәа иаарываҟәыло, уимоу гәымшәарыла ираԥызго аҳәсеи аҭыԥҳацәеи рыхьӡқәа. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо ахаҵамԥҳәыс Малица-Омар лыхьӡын, д-Џьыкырԥҳан. Избан лара аԥҳәыси ахаҵеи хьӡқәа еиваргыланы излыхьӡаз? Уи аҭак ҟалҵеит Малица-Омар ибзианы дыздыруаз, С. П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Sputnik, Саида Жьиԥҳа
Мариа ҳәа ашәҟәы ианыз, аха илзааигәаз зегьы Малица ҳәа зарҳәоз ԥҳәызбан ари анҵамҭа ззыскыз Мгәыӡырхәа ақыҭан ииз, абыда изызҳаз сфырхаҵа. Малица лашьцәа ҩыџьа Ҳаџьараҭи Владимири (Ладикәа) ареволиуциатә хеидкыла "Кьараз" анаԥҵаха, Нестор Лакәаба ивагылаз ахатәгәаԥхаҩцәа иреиуан. Усҟан Малица зынӡа дқәыԥшын, аха илҭаххеит ларгьы ллагала ҟалҵарц. Нестор Лакәаба еиликааит, амаӡақәа рыҵәахшьеи рынагӡашьеи иақәшәоз шлакәыз Малица. Лнапгьы ианиҵеит имаӡаз ақьаадқәа аус рыдулара.
"Қыҭацԥхьаӡа маӡала ареволиуциатә идеиақәа рыларҵәара ианалага, ирацәаҩын Нестор Лакәаба адгылара изҭаз Мгәыӡырхәаагьы. Малица лашьцәа дрыцны раԥхьатәи амшқәа инадыркны уи иалалаз дреиуан. 1918 шықәсазы Нестор Лакәабеи, Михаил Лакәабеи, Константин Инал-иԥеи, Зосим Бениеи Баҭым ицаны "Кьаразаа" рзы абџьар аахәаразы уа маӡала аус зуаз аԥсуааи дареи анеиқәшәа ашьҭахь, аԥареи ақьаадқәеи рыцҵаны зыгәра газ ауаа шьҭтәын. Убасҟан аҭакԥхықәра ду зцыз аус инапы ианҵан Ҳаџьараҭ Џьыкырба, аха аизарҟаны ианааилацәажәа, иӡбан ихала дшырмышьҭо, дышицырҵо иаҳәшьа Малица. Уи азы иаҭахын аҭеиҭԥш аԥсахра. Малица хаҵаҵас деиларҳәеит, илзыҟарҵеит Омар Џьыкырба ҳәа изныз атәылауаҩшәҟәы", - еиҭалҳәоит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Ҳаџьараҭи Малицеи Баҭымҟа ицарц Аҟәатәи асқьалаҿы аӷба иахьынӡазԥшыз, аофицарк аԥҳәызба даалыдгылан, маӡала лџьыба қьаадк нҭаиҵеит. Аха Малица лашьеи лареи Баҭым инеиаанӡа, ишәарҭамыз ҭыԥк рымԥшаакәа уи ақьаад ҭырымгеит. Рыкәша-макәша уаҩ даныҟамыз ианаԥхьа, Нестор Лакәаба инапала иҩын иахьнеишаз аҭыӡҭыԥ шырԥсахыз, иарбаз ахырхарҭа ҿыц ахь ишцашаз. Аиашьеи аиаҳәшьеи рыдҵа аҵыхәтәанӡа инагӡаны Аԥсныҟа ихынҳәит.
© Foto / Гудаутский музей им. С. ДбарМалица-Омар Џьыкырԥҳаи лашьа Ҳаџьараҭ Џьыкырбеи

Малица-Омар Џьыкырԥҳаи лашьа Ҳаџьараҭ Џьыкырбеи
© Foto / Гудаутский музей им. С. Дбар
Малица-Омар гылашьала, хаҿсахьала иԥшӡаз ԥҳәызбан. Уи инаваргыланы ахшыҩ ҵары лыман, дгәымшәан. Лықәра шмаҷызгьы, амаҵура ныҟәылгон Гәдоуҭатәи амилициа аҟәшаҟны. Аамҭа-аамҭала, Аԥсны ихадоу Акурорттә хеилак аусзуҩс, "Аџьар ҟаԥшь" ҳәа иҟаз Гәдоуҭатәи аԥсшьарҭа ҩны адиректорс, Гәдоуҭатәи араигӡком Аппарат усзуҩс дыҟан. Малица еснагь здыррақәа реизырҳара иашьҭаз ԥҳәызбан. 1932 шықәсазы Москваҟа дцоит аҵараҵара, дҭалоит Мрагыларатәи аџьажәлар ркоммунисттә университет, иара убраҟа Акоммунисттә партиа далалоит. Лҵара ашьҭахь Аԥсны иреиҳау амаҵурақәа ныҟәылгахьан, изныкымкәа депутатс даларххьан.
"37-тәи ашықәсқәа раан, Сталини Бериеи ажәлар ираӷоуп ҳәа идырӡит Малица лашьцәа Ҳаџьараҭи Владимири. Уи нахыс аԥҳәызба аԥсҭазаара агьама лцәыӡит. Лхы аразҟы амҭакәа лашьцәа рыцәгьа зҳәаз рхаҭара ашьақәыргылара лҽазылшәеит, иагьеилылкааит. Урҭ лқыҭауаа ракәын. Ҽнак, Мгәыӡырхәа ақыҭсовет аҟны игылаз аџь ду аҵаҟа ахацәа ааизылган, илҳәеит: "сашьцәа зымшала идырӡыз шәыхьӡқәа здыруеит, шәаргьы шәхы жәдыруеит. Аринахыс шәахьыҟоу снеиуам, сахьыҟоу шәмааин. Мап анакәха, сыԥҳәысуп ҳәа шәысмыхәаԥшын, хаҵаҵас сашьцәа ршьа зуратәы сыҟоуп" ҳәа. Уи нахыс урҭ ауааи, инархылҵызи Малица ллакҭа иҭамԥшит", - еиҭалҳәоит Гәыгәыца Шаликәа-иԥҳа.
1941-1945 шықәсақәа раан ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан, азеиԥш ԥсадгьыл ихьчон Малица илзааигәаз лҭынха гәакьа, сажәабжьҳәаҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лаб Шаликәа. Лара усҟан аус луан Аԥснытәи Обком иатәыз "Аџьар ҟаԥшь" ахантәаҩыс. Аибашьраҟны ахәрақәа зауз ауаа дрыцхраауан. Шаликәа Керч ӷәӷәала дыхәны агоспиталь дшышьҭаз анеилылкаа, ҳарипланла дцаны даалгоит. Лара лакәымзар, иара уаҟа иԥсҭазаара далҵуан. Малица-Омар аибашьра цонаҵы илбаз аџьабаазы иланашьан "Кавказ ахьчаразы" амедал.
"Малица лыԥсы ҭанаҵы, убриаҟара лашьцәа зырӡыз рахь ацәымӷра лыман, лынырцәымҩа данықәло илхагылар ҳәа дшәон. Убри аҟнытә, саб иҿы илыргамеит рыхьӡқәа, игәгьы иҽанылҵеит ахаан лашҭа иҭаимҵарц", - лажәа иацылҵоит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Малица-Омар лыԥсы иаҵаҵәахны илыман лқәыԥшра шықәсқәа лгәалазыршәоз, лашьцәеи лареи ирзеиԥшыз аус ԥшьа лхазмыршҭоз, Нестор Лакәаба ҳамҭас илиҭахьаз ашыц мҿы иалхыз агәыблааи "Омар Константин-иԥа Џьыкырба" ҳәа изныз атәылауаҩшәҟәи. Аха урҭ иахьа уажәраанӡа еиқәымхеит, иӡит иара убас, ареволиуциатә хеидкыла "Кьараз" иалаз, Малица лнапала еиқәлыршәаз Мгәыӡырхәаа рсиагьы.
Малица-Омар 80 шықәса нылҵеит. Лара аҵыхәтәантәи лыҩмахь днаскьаргеит фырхаҵак ишиаҭәоу еиԥш ҳаҭыр дула. Малица анышә дамадоуп дахьииз Мгәыӡырхәа ақыҭан.