АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. 2022-2024 шықәсқәа рзы иԥаршеиу аусшәҟәқәа рхы иархәаны 2,5 миллиард мааҭ аҳәаанырцә ииазгаз еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ аарԥшуп. Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыргаратә еилакы урҭ раанкылара аазырԥшуа акадрқәа акьыԥхьит.
Агәыԥ алахәылацәа ҩыџьа Украина Арбџьармчқәа рҟынтәи аԥара роуан, транспортла еиқәдыршәон. Иара убас, цәгьоуцәа ргәыԥ далахәын жәларбжьаратәи ахолдинг абенефицир Латвиа атәылауаҩ, акредит маҷтә еиҿкаара анапхгаҩы.
Абанда алахәылацәа ԥыҭҩык аанкылоуп, даҽаӡәы — жәларбжьаратәи иԥшаара рылаҳәоуп.