Аԥсны

Аиааира амш инадҳәаланы Мықәашҭа аҽырхәмаррақәа мҩаԥгахоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш аҳаҭыраз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа мҩаԥгахоит Мықәашҭа цәыббрамза 27-28 рзы, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Ҭимур Ԥачлиа.
Аицлабрақәа рхы рыладырхәуеит Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа фба рҟынтәи акомандақәеи Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭантәи акомандеи.
"Акомандақәа аҽымпыл, аҳәаҟьара, аҽырхәмарра рҿы еицлабуеит. Иара убас, километраки бжаки ҩ-километраки ирыҵанакуа аҽарыҩрақәа ҩба мҩаԥгахоит", — азгәеиҭеит Ԥачлиа.
Аицлабрақәа рҿы аиааира згаз ахраҿақәеи, амедалқәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахоит.