Аԥсны

Амцаҽацәыхьчаратә аԥҟарақәа еилаганы аус зуа ахыбрақәа ахараԥса рықәҵахоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аҟәа ақалақь Аиааира апроспект аҿы иҟоу 24 хыбра амцацәыхьчара аԥҟарақәа еилаганы русура азы ахараԥса рықәҵахоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә амцацәыхьчаратә усбарҭа ареспублика аҳҭнықалақь аҿы иазгәаҭамыз агәаҭарақәа мҩаԥнагеит. Иааидкыланы атехникатә гәаҭара мҩаԥган аобиектқәа 74 рҟны.
Амцацәыхьчаратә ԥҟарақәа реилагара хадақәа иреиуоуп амцарцәаратә еиқәыршәагақәа рыҟамзаара, амцацәыхьчаратә гәҽанҵарақәа, афымцатә еиқәыршәагақәа рышьақәыргылара ҳәа иазгәарҭеит аусбарҭаҟны.