Аԥсны

Апатырқалтә мҩаду азы аландшафттә проект аконцепциа аԥҵаразы аицлабра рылаҳәоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы Апатырқалтә мҩаду азы аландшафттә проект аконцепциа аԥҵаразы аицлабра рылаҳәоуп.
Апроект анагӡара азгәаҭоуп Џьанашьиа имҩаҟны. Уи алахәхаразы амҩадуқәа рыиаҵәареи ақалақь адизаин аелементқәеи рзеиԥш концепциак адгылара аҭахуп, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсны акоманда".
Арзаҳалқәа рыдыркылалоит жьҭаарамза 5 рҟынӡа. Аицлабра мҩаԥнагоит аҳҭнықалақь ахадара, ААУ, агәыԥ "Акомфорти ашәарҭадареи", "Аԥсны акоманда". 🖇 Аҟәа ақалақь аҿы Апатырқалтә аҟаҵаразы агәҭакы изцәырҵит "Аԥсны акоманда" афинал ахь инеиз Ҭемыр Лашәриа, иара ипроект ӡыригеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аицлабра алахәылацәеи реиԥылараҟны.