АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыԥсшьарамшқәа рышьҭахь раԥхьатәи аусуратә еилатәара мҩаԥыргеит.
Адепутатцәа алацәажәеит иааиуа ҭагалантәи асессиа аилатәарақәа рҿы азакәанԥҵарақәа рыхәаԥшра иадҳәалоу азҵаарақәа ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Аԥсны Апарламент ԥсшьара ицеит нанҳәа 4 инаркны. Адепутатцәа ԥсшьара иҟан 36 мшы.