Аԥсны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада мҽхакыҭбаала аҭаҭынқәа аиагара аҽазышәара аԥырҟәҟәаауп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада мҽхакыҭбаала аҭаҭынқәа аиагара аҽазышәара аԥырҟәҟәаауп.
Аԥснынтәи аҳәаа иахысуаз амашьына VOLKSWAGEN GOLF аҳәаахьчаҩцәа агәаҭаратә ҭыԥ "Адлер" аҿы иангәарҭоз, агәаҭараҵҟьаҿы урыстәылатәи акцизтә маркақәеи ихымԥадатәиу адыргақәеи зқәымыз асигарет KING BLACK TITAN 550 ҭоԥ (110 000 цыра) шҭаҵәахыз рыԥшааит.
Аҭаҭын аалыҵқәеи атранспорт хархәагеи рымхуп, административтә усеилыргара хацыркуп.