АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Бадра Гәынба Никарагуа ажәлари аицхадацәа Хосе Даниель Ортега Сааведреи Росарио Мурильои аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит, ари аныҳәа Никарагуа ажәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи, иара убас аԥсуа жәлар ирзааигәоу аиашареи, амилаҭтә ламысреи ахьыԥшымреи рзы рықәԥара ишасимволу.
"Аԥсни Никарагуеи иареи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ахә ҳаракны иршьоит, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәарагьы аҵак ду анаҭоит. ҳажәларқәа ирыхәаша аусқәа наҟ-наҟгьы инагӡахап ҳәа ҳгәыӷуеит", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Гәынба аицхадацәа агәабзиареи аҭакԥхықәра ду зцу рҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәеи рзеиӷьеишьеит, Никарагуа ажәлар — аҭынчреи, аманшәалареи, аизҳазыӷьареи.