АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аҿар ауажәларра-патриоттә рааӡара аганахьала аусеицуреи аветеранцәа рыцхыраара аԥышәа аимдареи ирылацәажәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Урыстәыла ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәеи ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Бигәаа идикылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа ауаажәларратә проектқәа рзы ауаажәларра-патриоттә проектқәа рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Павел Рыжинскии, аибашьра аветеран, арратә операциа ҷыда аветеранцәа р-Ассоциациа ахаҭарнак Александр Уриупини.
Урыстәылантәи иааз аветеранцәа аҭыԥантәи аветеранцәеи дареи реиԥылареи, иара убас Аԥсны араионқәа рҭаареи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟақәа рҿы ашәҭқәа рышьҭаҵареи азгәаҭаны ирымоуп.