Аԥсны

Быҭәба Аԥсны асанитар-епидемиологиатә маҵзура ашьақәгылара шәышықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ареспубликатә асанитар-епидемиологиатә маҵзура ашьақәгылара шәышықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит иахьа Гал.
Аминистр иазгәеиҭеит шәышықәса шҵуа амаҵзура аусзуҩцәа ажәлар ргәабзиареи атәылауаа рыбзазареи рыхьчара иадҳәалоу ихадоу аусқәа шынарыгӡо.
"Шәара шәус еиҳагьы иааԥшит акороновирустә ҿкы COVID-19 аларҵәара анамаз аамҭақәа рзы, усҟан шәара иаашәырԥшыз ачҳареи, аӷәӷәареи, ахамеигӡареи ирыбзоураны зқьҩыла Аԥсны атәылауаа рыԥсҭазаарақәа еиқәшәырхеит", — иҳәеит Быҭәба.
Ҷыдала ажәа лыԥшаахқәа ирыԥсоуп — ажәлари аҳәынҭқарреи ламысла рымаҵ ауразы атрадициа ӷәӷәақәа шьақәзыргылаз амаҵзура аветеранцәа ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Аԥсны асанитар-епидемиологиатә маҵзура аԥҵан 1925 шықәсазы. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уи аҟазауаа ашыӡ, аимҳәаду, акьатеитә ҿкы иаҿагылан, иахьатәи ҳҭоурых аҿы COVID-19 апандемиа аҿагылараҿы ароль ӷәӷәа нарыгӡеит. Иахьазы ари амаҵзура еиднакылоит аепидемиологцәа, амикробиологцәа, авирусологцәа  уҳәа егьырҭ аспециалистцәа.