АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Гагра араион Ҳашԥсы ақыҭан амҩатә машәыр ҟалеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.
Амҩатә машәыр ҟалеит арныҟәцаҩ амашьына аԥсҟы ахьизнымкылаз иахҟьаны. Амашьына амҩа ианыҵны ажра иҭаҳаит.
Арныҟәцаҩ ида амашьына даҽа ԥшьҩык апассаџьырцәа ҭатәан, дара зегьы ааха ӷәӷәа ҳәа акгьы рмоуӡеит иҳәеит Базба.
Уи аԥхьа Аԥсны АҶА Урыстәылантәи атуристцәа аахақәа рыманы ахәышәтәырҭахь инагоуп ҳәа адырра ҟарҵахьан.