Аԥсны

Аҟәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы имҩаԥгоу аусура алҵшәақәа ирылацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аҟәа ахадараҿы ирылацәажәеит цәыббра 9 рзы иҟаз амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы имҩаԥгоу аусура аамҭабжьаратәи алҵшәақәа ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи аҳаблақәеи русбарҭақәа рнаԥхгаҩцәеи аҩнеихагылақәа рхыбқәа рҿы аӡцарҭақәа ррыцқьарагьы уахь иналаҵаны, имҩаԥгаз аусқәа рзы аҳасабырба ҟарҵеит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиахь анашьҭразы аграқәа зныԥшуа ашәҟәқәа еиқәдыршәоит.
Ҭемыр Агрба аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит рнапаҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа еиҳа ахылаԥшра арҭаларц, ԥхьаҟа ауадаҩрақәа раԥырҟәҟәааразы апрофилактикатә рыцқьарақәа ианаамҭоу имҩаԥыргаларц.