Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит Константин Симонов диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Константин Симонов диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит Д.И. Гәлиа иҩны-амузеи аҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Иара деицырдыруеит аибашьратә жәеинраалақәеи ароманқәеи равтор иаҳасабала мацара акәымкәа, Аԥсны аҩыза ду иаҳасабалагьы.
Аусмҩаԥгатә иахьӡын "Бзиа избоит абри адгьыл, бзиа избоит харантәгьы иааигәангьы..." — ҳәа апоет ихатә цәаҳәақәа рыла имҩаԥысит.
Ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ртәы зҳәо афотоцәыргақәҵа аатит. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп здаҟам афотоқәа Симонов иҭаацәеи, иколлегацәеи, иҩызцәа дрыцны, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аамҭазтәиқәагьы уахь иналаҵаны. Иара убас, еицырдыруаз акультуратәи аҟазаратәи усзуҩцәа аӡәырҩы ахьидикылоз Гәылрыԥшьтәи идачаҿы иҭихыз афотосахьақәа.
Симонов – асовет шәҟәыҩҩы, апоет, асценарист, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы. Ахалхин Голь аҿы имҩаԥысуаз аибашьрақәеи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи ирылахәыз. Еицырдыруа аибашьраантәи ажәеинраала "Бсызԥшыз" автор.