Аԥсны

Аԥсны 115 квота азоужьуп Урыстәыла хәыда-ԥсада аҵараҵаразы

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы хәыда-ԥсада аҵараҵаразы Аԥсны 115 квота азоужьуп ҳәа аанацҳауеит .
Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра 2026/27 аҵарашықәс азы аквота аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа абиуџьет ахарџь ала хәыда-ԥсада аҵара аиуразы арзаҳалқәа рыдкылара ишалаго рыланаҳәеит.
Уи алахәхаразы ухатәы кабинет аҿы ианҵатәуп:
атәылауаҩшәҟәы (аԥсуа, аурыс уара иуцзароуп),
аҵарадырра ашәҟәбӷьыц,
ахатәы дыррақәа аус адулара ақәшаҳаҭра,
арзаҳал-азҵаабӷьыц,
портфолио (уара иуцзароуп).
Арзаҳал дистанциала иушьҭыр ҟалоит.