АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik. Мықә ақыҭан аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, акапиталтә ргыларатә усбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа, Очамчыра араион ахада Алхас Кациа ҳәа аанацҳауеит "Очамчыра информ".
Аиааира амш аламҭалазы Очамчыра араион Мықәашҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит: ашҭахь уназго амҩа дыриашоит, иара убасгьы Мықәтәи аныҳәарҭахь уназго амҩа еиҭашьақәдыргылоит.