АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. 2026 шықәса ажьырныҳәа 20 инаркны 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа Урыстәылантәи Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рцара алзыршо аусшәҟәқәа рсиа иалххоит аиразы аршаҳаҭга ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент.
Иарбоу аҽҳәаранӡа атәыла аанзыжьыз ахәыҷқәа роуп аиразы аршаҳаҭга ала Урыстәылаҟа ихынҳәыр зылшо.
Иара убас, Аконсултә усбарҭақәа рҿы Урыстәылатәи Афедерациа алаларазы иӡыз ма иԥхасҭахаз аусшәҟәы ацынхәрас аршаҳаҭгақәа рыҭара иаҟәыҵуеит, ахәыҷы аҳәаанырцә иҟазаараан 14 шықәса ихыҵзар.
Ахәыҷқәа рзы аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аиуразы азин змоу ихаҭарнакк – иҭаацәа руаӡәк, ахәыҷы ԥас/ԥҳас дҟазҵаз руаӡәк, ма ихылаԥшуа рҟынтәи заанаҵ арзаҳал рҩырц абжьгара ҟарҵоит.