АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәхаразы 550 рзаҳал нашьҭуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект аҳәаақәҵаҩ, аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналист Артур Чакриан.
"Анаҩстәи ашьаҿахьы аиасразы, алахәылацәа ҩ-минуҭк рҟынӡа ицо авидео-қәгылара аздырхиароуп, уа рпроект, иалырхыз аусхкы аҿиаразы ргәаанагарақәа ртәы рҳәароуп, иара убасгьы амедиа аусхк аиӷьтәразы ргәаанагарақәа ҳацеиҩыршароуп", — иҳәеит иара.
Алахәылацәа ирзыԥшуп Аԥсни Урыстәылеи рекспертцәа рыҿцәажәарақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп амедиаплатформа "Аԥснымедиа" анапхгаҩы Роберт Џьопуа.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа аҩ-хәҭак рзы абаллқәа ранашьахоит. Ироуа ахәшьара инақәыршәаны, 60-65-ҩык алахәылацәа иааиуа атур ахь ииасуеит.
Чакриан иажәақәа рыла, агәыԥ хада 60-ҩык алахәылацәа рыла ишьақәыргылахоит, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны афиналистцәа руаӡәк алахәхара илымшозар, дзыԥсахша аҽа хәҩык арезервтә сиаҿы иҟазаауеит.
Анаҩс, алахәылацәа 20-20-ҩык рыла х-гәыԥкны еихшахоит иалырхыз ахырхарҭа инақәыршәаны: амцжәабжьқәа рҿагылара, Аԥсны абренд ашьақәыргылара, АИХ-қәа рҿы аҟазара аизырҳара.