АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Жәлар Реизара-Апарламент ахь атәанчахәқәа реизырҳаразы азакәан апроект наишьҭит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы атәылауаа категориақәак ртәанчахәы ацҵаразы ажәалагала ҟаиҵеит.
2 000 мааҭ ацҵазарц – Аԥсны Афырхаҵа, "Леон" иорден, "Агәымшәараз" амедал занашьоу ртәанчахәқәа.
1 000 мааҭ ацҵазарц – аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсқәа рзы аибашьраҿ иҭахази уи ашьҭахь зыдунеи зыԥсахзи рҭаацәеи, иара убас хатәгәаԥхарала иеибашьуази урҭ рҭаацәеи ртәанчахәқәа.
Ацҵара азгәаҭоуп иара убас арезерв аҿы иҟази, урҭ рҭаацәеи, аррамаҵзура ахысраан иҭахаз рҭаацәеи рзы.
Иааизакны, атәанчахәы аизырҳара иаҵаркхоит 7884-ҩык, шықәсык аҩнуҵҟа 123,2 миллион мааҭ зызшәахо. Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит Аԥсны атәанчахәытә фонд ахарџь ала.
Азакәан апроект аҳәынҭқарра ахада 2025 шықәса нанҳәа 27 азы иҟаиҵаз анапынҵала аиҳабыра иаздырхиеит.
Уи адагьы, атәыла ахада иалеигалаз аҽа проектк 106-ҩык хаҭалатәи атәанчахәы аизырҳара азԥхьагәанаҭоит. Ари акатегориа иаҵанакуа атәылауаа шықәсык аҩнуҵҟа 1,3 миллион мааҭ рызшәахароуп.