АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазку акультуратә уснагӡатәқәа мҩаԥгахоит ареспублика иахьаҵанакуа ақалақьқәеи араионқәеи рҿы ҳәа аанацҳауеит аминистрра.
Акультура аминистрра аԥшьгарала, иҷыдоу апроект хацыркуп, уи адокументалтә фильмқәа дырбареи афотоцәыргақәҵақәа рымҩаԥгареи рыла ишьақәгылоуп.
Цәыббра 18 асааҭ 15:00 рзы Аҟәа Арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Ҭемыр Кәакәасқьыр идокументалтә фильм "Ауаа зышьҭрақәло" дырбахоит, иара убасгьы актәи ахадеи атәыла аҭоурых аҿы ирольи ртәы аазырԥшуа афотоцәыргақәҵа цәыргахоит.
Цәыббра 19 асааҭ 15 рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Гәылрыԥшь Акультура ахан аҿы афотоцәыргақәҵа аатуеит.
Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба иусԥҟала 2025 шықәса Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп.