Аԥсны

Аԥснытәи аделегациа Адунеизегьтәи аҿар реизара афестиваль иалахәхоит

2024 шықәсазы раԥхьаӡа акәны "Сириус" афедералтә ҵакыраҿы имҩаԥысит, уа 190 тәылак рҟынтәи 20 000-ҩык алахәылацәа еиднакылеит. Владимир Путин идҵала афестиваль есышықәса имҩаԥыслоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Адунеизегьтәи аҿар реизара афестиваль алахәхаразы Аладатәи Новгородҟа инеит.
Аилазаараҿы иҟоуп 18 шықәса зхыҵуа инаиркны 35 шықәсанӡа зхыҵуа 40-ҩык, иара убас ҩыџьа зықәра намӡац. Агәыԥ наԥхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.
Аизара апрограмма аҿар рыҿиара ихадоу ахырхарҭақәа аҵанакуеит: амедиеи аԥҵаратә усхкқәеи, аҳәынҭқарратә напхгара, анаплакра, аспорт, аҭҵаареи аҵареи, аинформациатә технологиақәа.
Сынтәа афестиваль ҩнызқьҩык ауаа еиднакылеит, урҭ рҟынтәи зқьҩык аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи аделегатцәа роуп. Иара мҩаԥысуеит цәыббра 17 инаркны 21 рҟынӡа.