Аԥсны

Атуризм аминистрра аицлабра "Аԥсны акадр аҿы" аиааира згаз рыланаҳәеит

Аицлабра хықәкыс иамоуп Аԥсны атуристтә лшарақәа раарԥшреи авидеоконтент ала ахьӡ ашьҭыхреи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аицлабра иалахәын 60-ҩык инареиҳаны абаҩхатәра злоу арҿиаҩцәа, урҭ Аԥсны аԥсабареи, акультуреи, атрадициақәеи, атуризми ирызку 90-ҟа видеонҵамҭа хәыҷқәа рыдыргалеит.
Ажиури иреиӷьу аусумҭақәа 10 алнахит еиуеиԥшым аноминациақәа рыла:
"Аԥсны ахәыҷқәа рыблала" — Соломони Саломеиеи Ашәаа,
"Адунеи аҿы акаҳуажәразы зегь иреиӷьу аҭыԥ " — Бжьаниа Амиран,
"Астиль азы" — Чхаиӡе Ҭина,
"Атмосфереи ахәаԥшышьеи" — Рудневскаиа Марина,
"Аҟәа абзиабаразы" — Аршԥҳа Лера,
"Илашоу аԥшшәқәа рзы" — Маинкова Татиана,
"Иҿыцу аԥшӡара аартразы" — Абыхәба Саид,
"Аԥырра агәаӷьразы" — Бобрусев Дмитри,
"Амилаҭтә гьама азы" — Капуз Владимир,
"Иҵару акадр азы" — Агрба Леон.
Аиааира згаз адипломқәеи агәаларшәаратә ҳамҭақәеи ранашьан. Аицлабра хықәкыс иамоуп Аԥсны атуристтә лшарақәа раарԥшреи авидеоконтент ала ахьӡ ашьҭыхреи.