АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Бадра Гәынба Москва аопера "Анна Болеин" аԥхьарбара даҭааит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лааԥхьарала атәыла ахада иԥшәмаԥҳәыси иареи Москватәи Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху атеатр иаҭааит.
Аопера "Анна Болеин" Доницетти зегь реиҳа еицырдыруа иусумҭақәа иреиуоуп, Англиа аҳ Генрих VIII аҩбатәи иԥшәмаԥҳәыс ллахьынҵа шьаҭас иамоуп.
Анна лроль шықәсырацәала инарыгӡон еицырдыруа асопраноцәа: Мария Каллас, Монтсеррат Кабале, Джоан Сазерленд, Едита Груберова.