АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Апсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу иаарласны аҭакҟаҵараз иҷыдоу аотриад акәылӡхьчаратә хархәагақәа рыла аиқәыршәара азҵаара иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути анаплакы "Класс" анапхгареи ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аминистр, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Сергеи Голенков дицны, Урыстәыла иаԥхьагылоу ахаҭалатә кәылӡхьчага аус адулареи аҭыжьреи мҩаԥызго аҭҵаарадырра-аарыхратә наплакы "Класс" даҭааит.
Кьиут ҭабуп ҳәа реиҳәеит анаплакы анапхгареи аколлективи ареспублика асоциалтә ԥшьгамҭақәа ирырҭо адгыларазы.