АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Пицунда аспорттә комплекс ҿыц дыргылоит.
Идыргылараны иҟоу акомплекс аҵакырааҿы арыцқьареи агәамсам ақәгареи ирылагахьеит.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рзы аҽазыҟаҵаратә залқәа, аицлабрақәа рымҩаԥгаразы азалқәа, аӡҭарчы аргылара.
Иара убас, ажәытә хыбрагь аиҭашьақәыргылара агәаҭоуп, уи аспортсменцәеи аицлабрақәа ирылахәу ауааи раангыларҭа акәхоит.
Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит, ас еиԥш иажәхьоу аргыларақәа ақалақь агәҭаҿы рыҟазаара шиашам.
Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ахарџьқәа рыхәҭак еиҳа ирццакни хаҭабзиара ҳаракылеи рынагӡаразы абиуџьет ахахьы ишаго.
Цәыббра 9 рзы аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба усутә ныҟәарыла Пицунда иҭаара аан акурорттә қалақь агәҭаны аспорткомплекс аргылараз аҽазыҟаҵарақәа хацыркызарц анапынҵа ҟаиҵеит.