АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аҽыуаа рпаради аныҳәатә концерти мҩаԥысраны иҟоуп Гәдоуҭа цәыббрамза 19 рзы.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Сергеи Дбар ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәца Џьыкырԥҳа иҟалҵаз адыррақәа рыла, араион ақыҭақәа зегьы рҟнытә аҽыбӷаҟазацәа апарад рхы аладырхәуеит.
Урҭ абираҟқәа кны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа аҟынтәи Арӡынба ихьӡ зху ашҭаҟынӡа имҩасуеит.
"Уаҟа аконцерт мҩаԥгахоит. Ахәаԥшцәа рзы еиҳа иманшәалахарц азы раԥхьаӡа акәны атәарҭақәаа шьақәҳаргылоит. Аԥсуа естрада артистцәеи, авокалтә гәыԥқәеи, акәашаратә гәыԥқәеи асценаҿ иқәгылоит. Ашколхәыҷқәа раԥхьатәи ҳхада изку ажәеинраалақәа ирыԥхьоит", — ҳәа лҳәеит лара.
Џьыкырԥҳа иара убас иазгәалҭеит, Арӡынба ихьӡ зху агәалашәаратә хәылԥазы "Владислав" цәыббрамза 25 асааҭ 11 рзы Аҟәа, аҳәынҭқарратә филармониаҿы ишымҩаԥысуа. Уи рхы аладырхәуеит раԥхьатәи ахада иаҳаҭыраз, ихьӡ зыхьӡырҵаз ахәыҷқәеи адуцәеи. Иахьазы асиа 211-ҩык арбоуп.
Иара убри амш аҽны, Алада Ешыра ақыҭан ҳреспублика раԥхьатәи акомандаҟаҵаҩ хада имемориал аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵареи 80 бираҟ рымҩангареи еиҿкаахоит.