АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр ифильм "Ауаа зышьҭанеиуа" арбара мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны.
Афильм изкуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба. Иара аҭыхраан анеироҳа ахархәара аман, уи авторцәа алшара рнаҭеит ашәҟәы "Сыԥсҭазаара" аҟынтәи ацитатақәа Арӡынба ибжьы рхаҵара, афотосахьақәа аԥсы рхаҵара.
Иара убас, амузеи аҿы иаартуп раԥхьатәи аҳәынҭқарра ахадеи атәыла аҭоурых аҿы инаигӡаз ароли ирызку афотоцәыргақәҵа.
Бадра Гәынба иусԥҟала 2025-тәи ашықәс Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп.