АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Актәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аахыҵ Уаԥстәыла: Аинвестициатә лаԥшҳәаақәа" аатит Цхьынвал.
Уи иалахәуп Аԥснытәи аделегациа.
Аԥыза-министр Владимир Делба асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аҩ-республикак рԥышәа шеиԥшу атәы азгәеиҭеит.
"Аахыҵ Уаԥстәыла еиԥш, иуадаҩу амҩа ианысыз, зхалахатәҳәаақәҵараз азин зыхьчо атәыла ахаҭарнакк иҳасаб ала, сара ҷыдала издыруеит ари афорум иамоу аҵакы. Ҳара ибзианы иаадыруеит аекономикатә қәыӷәӷәарақәа закәу, убри аамҭазы, ҳԥеиԥш исуверентәу, ишьақәтәоу, економикала ишәҭыкакаҷуа аҳәынҭқаррақәа рԥеиԥш шакәу агәра ганы ҳаҟоуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Делба.
Афорум мҩаԥысуеит цәыббра 18 инаркны 20 рҟынӡа. Уи рхы аладырхәуеит Аԥсни, Ареспублика Сербиеи, Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи аделегациақәа, иара убас, Урыстәылатәи аилахәыра дуқәеи афедералтә мчра усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа.