Аԥсны

Арӡынбеи Вороновеи рымҩақәа реихысырҭаҿы игылоу ахыбра аиҭашьақәыргылара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аҟәа ақалақь, Арӡынбеи Вороновеи рымҩақәа реихысырҭаҿы игылоу ахыбра аиҭашьақәыргылараз аусурақәа ирылагеит.
Уи ақалақь архитектуратә баҟақәа рсиаҿы иарбоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
"Ҳара ахыбра ахаҿра, иаакәыршаны иҟоу ашьаҟауаа рымҩақәагьы еиҭаҳарҿыцуеит, ирлашаахоит. Анаҩс, Арӡынбеи Дбари рымҩақәа ахьеихысуа игыло аҩны ахь ҳаиасуеит", — иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемур Агрба.
Уаанӡа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы иҟоу аҭоурыхтә хыбра аԥхьатәи агани абарҵеи аҳҭнықалақь ахадара ахыбреи аремонт рызун. Иааиуа ашықәс азы архитектуратә баҟақәа ҳәа асиа иану егьырҭ аҩнқәа 10 реиҭашьақәыргылара азгәаҭоуп.