АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" ӡырган.
Апроект аҳәаақәҵаҩ Максим Гәымба еиҭеиҳәеит, апроект 21 хырхарҭа шаҵанакуа, урҭ рҟынтәи фба Аԥсны азы иҿыцу хырхарҭаны ишыҟоу.
Иара иазгәеиҭеит, апроектқәа рынагӡара адагьы, алахәылацәа атуризм аусхк аҟны аспециалистцәа рҟынтәи адыррақәа роуразы алшара шроуа.
"Асасдкылара аҟазарҭа" апроекттә офис анапхгаҩы Иулиа Железниак лажәақәа рыла, аицлабра алахәылацәа рзы даҽа лшароуп — зхәыцрақәа еиқәшәо ауаа рыԥшаара.
"Ҳара ҳаидыркылоит адоуҳатә беиарақәа — ҳтәылахь, ҳахьынхо аԥсадгьыл маҷ ахь, ҳгәараҭахь, аҵасқәа рахь, ҳтәыла аҭоурыхи аҭоурыхтә гәалашәареи рахь абзиабареи аҳаҭырқәҵареи. Уи шьаҭас иганы алҵшәабзиа аарԥшра ахьҳалшо аилазаара аԥаҳҵар ауеит ", — лҳәеит лара.
Апроект аӡыргара ашьҭахь, атуризм аиндустриеи асасдкылареи рҟны апроекттә ԥшьгамҭақәа аусдулара иазку апрактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит.