Аԥсны

Делбеи Џьуссоеви русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Константин Џьуссоеви русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Делба иазгәеиҭеит, Аԥснытәи аделегациа ааԥхьара ахьаиуз — Актәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум ахәаахәҭра-економикатә, асоциалтә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиаразы ирымоу агәазыҳәара даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит ҳәа.
"Ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа уажәшьҭа акала иузеиҟәымҭхар ҟалап, убри аҟара ҳажәлар рҭагылазаашьеи рлахьынҵеи еиԥшуп", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Афорум цәыббра 20 рҟынӡа имҩаԥысуеит, уи Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарра ашьақәгылара 35 шықәса ахыҵра азгәаҭара иақәыршәоуп. Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәхоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбагьы.