АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Гагра араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит цәыббрамза 18, 19 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрраҟны.
Иахьа асааҭ 12:00 инаркны 14:00 рҟынӡа ирцәахоит астанциаеиҵа "Баӷрыԥсҭа".
Уаҵәгьы абри аамҭазы иаҿыххоит астанциаеиҵақәа "Гьачрыԥшьи", "Цандрыԥшь-ахага".
Алашара ҟалаӡом ацәаҳәа ррыцқьара иахҟьаны.