АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Лыхны ақыҭан аҽаҩраныҳәа жьҭаара 11 рзы имҩаԥгахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарцхьиа.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа зегьы, Афон ҿыц, иара убас Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика.
Аныҳәа алахәылацәа рыҩны иҟарҵаз аалыҵқәа, ҭагалантәи ашәырқәа, рнапала иҟарҵаз усумҭақәа наргоит, ацәыргақәҵақәа еиҿыркаауеит.
Иара убас, араион ахадара аныҳәатә концерти аспорттә усмҩаԥгатәқәеи еиҿнакаауеит.
Аҽаҩраныҳәа аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҟны имҩаԥыргоит 1984 шықәса раахыс.