Аԥсны

Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥстәыла аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥстәыла аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Рмемориалтә комплекс аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Аԥсны ахада иахьа ихы рылаирхәоит Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра 35 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәеи, иара убас I Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аахыҵ Уаԥстәыла: Аинвестициатә ҳәаақәа".
Иара убас, Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Владимир Делба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Цәыббра 20 1990 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла автономтә област жәлар рдепутатцәа рхеилак Аахыҵ Уаԥстәылатәи Асовет Демократиатә Республика аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа рыдыркылеит.