Аԥсны

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза Уфеи Нальчики аҳаиреимадара рыбжьаҵаразы азин аиуит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза Уфеи Нальчики аҳаиреимадара рыбжьаҵаразы азин аиуит, абри атәы иҳәеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб.
Уажәазы ​​аҳаирпланқәеи иахәҭоу апассаџьырцәеи радыԥхьаларазы активла аусура мҩаԥысуеит, абас иҳәеит иара ТАСС аинтервиу аҭо.
Иара иажәақәа рыла, иҟоу амаршрутқәа рыла аԥыррақәа рхыԥхьаӡара арҭбаареи, Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аимадара ҿыцқәа рыбжьаҵареи ирылацәажәоит.