Аԥсны

Амшцәгьаан аԥхасҭа зауз Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьеибаркыра арҽеираз аусурақәа ирылагеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аҟәа Ахадара цәыббрамза 20 рзы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳараан аԥхасҭа зауз аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьеибаркыра арҽеираз аусурақәа ирылагеит.
Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иҟаиҵаз анапынҵала, АНУ аспециалистцәа иаарласны икаҳаз аҵла ықәганы, аҵакыра дрыцқьеит.
"Ақалақьргыларапроект" анапхгаҩы Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, агәашьеибаркыра аҳамԥи аҿыкәыршеи ааха роуит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит Аиааира Амш — цәыббра 30 аламҭалаз.