Аԥсны

Ареспубликатә аекологиатә рыцқьарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны цәыббрамза 26 рзы

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Ареспубликатә аекологиатә рыцқьарақәа (субботник- азгә.) мҩаԥгахоит Аԥсны цәыббрамза 26 рзы.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара.
Адокумент инақәыршәаны Аԥсны аҭыԥантәи анапхгараҭаратә усбарҭақәа иҟарҵароуп:
Ауааԥсыреи аусбарҭақәа русзуҩцәеи ареспубликатә рыцқьарақәа рылахәхара еиҿыркаароуп;
арыцқьарақәа рзы аҵакырақәа алкааны еихыршароуп;
аусбарҭақәа русзуҩцәа ралахәхара хылаԥшра арҭароуп;
агәамсам ақәгаразы иахәҭоу амаругақәеи агәамсамҭаԥсарҭақәеи рыла еиқәдаршәароуп.
Акциа аԥшьгоуп Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара аламҭалаз.