Аԥсны

Аԥсны Урыстәылантәи ацхыраара аиуит ааигәа иауз ақәаршҩықәа рышьҭахь

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭеит ааигәа иауз ақәаршҩықәа рышьҭахь.
Цәыббра 25 рзы Краснодартәи атәылаҿацә аҟнытә Аҟәаҟа ацементи аргыларатә мҿымаҭәахәи назлоу арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усқәа рзы ихымԥадатәиу агуманитартә цхыраара ааит ҳәа аанацҳаит ақалақь ахадара.
"Уажәазы ацемент ақәхра мҩаԥысуеит. Иҳауз аргыларатә маҭәахәқәа зегьы цәыббра 9 рзы ареспубликаҿ иауз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ахыбрақәа реиҭашьақәыргыларазы ахархәара рыҭахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҟәа ақалақь ахадара Анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба.
Еиҳарак ааха роуит ауадарацәа змоу аҩнеихагылақәеи, ахатәы ҩнқәеи, ақалақьтә инфраструктура аелементқәеи.
"Аҟәа ақалақь ахадара Краснодартәи атәылаҿацәи Ханты-Мансиисктәи автономтә округи рнапхгара аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь иҟарҵаз агуманитартә цхырааразы ҭабуп ҳәа рарҳәоит", — иҳәеит иара.