АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Гал араион аҿы ӡыла аиқәыршәара шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит "Гал медиа".
Ақалақь анхамҩатә усбарҭа аӡеиқәыршәареи аӡымҩахгагеи иара убас, ареспублика Акапиталтә ргыларатә усбарҭеи рҟазацәа русура иабзоураны цәыббра 25 руха Гал ақалақь ӡыла аиқәыршәара инагӡаны ишьақәыргылоуп.
Аусурақәа Аԥсны ахада Бадр Гәынба инапынҵала имҩаԥган.