Аԥсны

Гәынба: Аҵара аминистрра "аелектронтә школ" аларҵәаразы аԥышәаратә проект азнархиоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистрра "аелектронтә школ" аларҵәаразы аԥышәаратә проект азыҟаҵара иаҿуп ҳәа лҳәеит апартиа "Иаку Аԥсны" астратегиатә еилатәараҿы Хана Гәынԥҳа.
"Аҿыцлагалақәа рганахь ала арҵаҩцәа рыбжьара агәҽанызаара шыҟоугьы, ашәара шрымоугьы, ацифраркра аҭахра шыҟоу еилкаауп. "Аелектронтә школ" хымԥада аԥсуа бызшәала ицәажәароуп – ари ҳара ҳапринцип ауп, ҳмилаҭтә хықәкоуп", — лҳәеит Гәынԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, ари апроект аҵара аминистрра иаҵанакуа Аҟәа ақалақь ашколқәа руак аҿы ишынагӡахо.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысуеит апартиа "Иаку Аԥсны" аилатәара "