Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Аԥсны ахаҭарнакцәа ралахәра шьҭа традициак иаҩызахазар, иҟан сынтәа уи аҳәаақәа ирҭагӡаны даҽа ԥышәа ҿыцкгьы. Адунеизегьтәи афестиваль аҿы икәгылоз асасцәа рхыпхьаӡараҿы дыҟан Апсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба. Ари ахҭыс шалыршахаз, иқәгылара апрограмма зеиԥшраз атәы дазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы.