Аԥсны

Аԥсны арккаратә марафон "Адырра. Аԥхьатәиқәа" раԥхьаӡа акәны амҩаԥгаратә ҭыԥны иҟалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аԥсны, Урыстәыла атомтә ааглыхра ашьақәгылара 80 шықәса ахыҵра иазку арккаратә марафон "Адырра. Аԥхьатәиқәа" раԥхьаӡа акәны амҩаԥгаратә ҭыԥны иҟалеит.
"Ари аусмҩаԥгатә ду ахьымҩаԥгахо ҭыԥны Аҟәа аҟалара асимволтә ҟазшьа амоуп. Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҿы асоветтә атомтә ҭҵаарадырра аҿиараҿы алагала ду ҟазҵаз иналукааша аҵарауаа аус руан. Ари ҳара ҳзеиԥш ҭоурых иахәҭакуп", — иҳәеит Аҳәынҭфилармониаҟны аусмҩаԥгатә аартраан Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит ареспубликаҿы атомтә классқәа шаадыртуа, уаҟа аҿыцаамҭа иаԥҵаҩцәахо аҿар еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы инџьнырцәаны, иҵарауааны рыҟалара иацхраауа адыррақәа шроуа.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика аҿар Урыстәылатәи аилахәыра дуқәа рхаҭарнакцәеи, иара убас Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратәи рҳәынҭқарратәи аусзуҩцәеи рызҵаарақәа рыҭареи рыҿцаареи рзы алшара роуеит.
Амарафон алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, АЕ "Концерн Росэнергоатом" адиректор ихаҭыԥуаҩ Никита Константинов, РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба, Урыстәылатәи еицырдыруа ашьапылампыл асҩы, АК "Зенит" аспорт аҿиаразы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Андреи Аршавин.
Апроект еиҿнакааит Урыстәылатәи аилазаара "Адырра. Раԥхьатәиқәа", "Росатом", Аԥсны аҵарадырра аминистрра рыцхыраарала. Афедералтә арккаратә марафон "Адырра. Раԥхьатәиқәа" мҩаԥысуеит цәыббра 26 инаркны 28 рҟынӡа.