Аԥсны

Бадра Гәынба Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит.
"Иахьа иазгәаҳҭоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы аҵак ду змоу амш — Аҟәа ахақәиҭтәра. Ари амш хадаратәхеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи разықәԥараҿы. Иҭахаз хашҭра рықәым, ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалара аҟны.
Аҳәынҭқарра ахада Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара шмыӡуа агәра игоит, иҭахаз ранацәеи рабацәеи ҳаҭыр ду рықәуп, Аԥсни Аҟәеи шәҭыкакаҷлааит иҳәеит ахада.
Аԥсны
Аиааиразы ажәылара: Аҟәа ахақәиҭтәра амш