Аԥсны

Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкны: Мықәашҭа имҩаԥысуаз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз аҽтәы спортхәмаррақәа мҩаԥысит Мықәашҭа.
Sputnik
Ҩымш ицоз аицлабрақәа реихшьаалақәа ҟаҵан цәыббра 29 ахәылбаҽха.
Арасаӡыхь ақыҭантәи акоманда ҽыла ампыл асраҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит, иара убас аҵәеигәыдҵаҿгьы актәи аҭыԥ ааныркылеит.
Аԥсуа жәлар рыхәмарра аимҵакьачраҿ Қәҭолатәи акоманда аԥыжәара аанакылеит.
1 / 12

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз аҽтәы спортхәмаррақәа мҩаԥысит Мықәашҭа.

2 / 12

Аҿыбӷаҟазацәа еицлабуан аҵәеигәыдҵа, ҽыла ампыл асра, аҽырхәмаррақәа, аҽырҩра уҳәа рҟны.

3 / 12

Аҵәеигәыдҵаҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит арасаӡыхьаа.

4 / 12

Аԥсны даара ҳаҭыр ду ақәуп аҽтәы спортхәмаррақәа.

5 / 12

Аҽыхәмаррақәа ирҭаауеит шәҩыла атәыла ауааԥсыреи асасцәеи.

6 / 12

Иахьа Мықәашҭа иаҭааит атәыла ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба.

7 / 12

Арасаӡыхь ақыҭантәи акоманда ҽыла ампыл асраҿгьы актәи аҭыԥ ааныркылеит.

8 / 12

Ахәаԥшцәа ргәырӷьара рзыҵәахуамызт.

9 / 12

Аныҳәахь ааԥхьара рыман Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьуссоев зхадараҿы дыҟаз аделегациа.

10 / 12

Аҽтәы спортхәмаррақәа аԥсуа жәлар жәытә аахыс ртрадициақәа ирыхәҭакуп.

11 / 12

Амилаҭ хәмарра аимҵакьачраҿ аиааира ргеит кәтолаа.

12 / 12

Иара убас, имҩаԥысит еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла аҽырҩрагь.