https://sputnik-abkhazia.info/20250929/asny-akhchatsa-rgalashara-iazkny-myasha-imaysuaz-aybaazarat-eitslabraa-1057902235.html
Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкны: Мықәашҭа имҩаԥысуаз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа
Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкны: Мықәашҭа имҩаԥысуаз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз аҽтәы спортхәмаррақәа мҩаԥысит Мықәашҭа. 29.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-29T23:10+0300
2025-09-29T23:10+0300
2025-09-30T00:05+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/1d/1057892529_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_c830f87810ec9684bb182deeaba25ba5.jpg
Ҩымш ицоз аицлабрақәа реихшьаалақәа ҟаҵан цәыббра 29 ахәылбаҽха.Арасаӡыхь ақыҭантәи акоманда ҽыла ампыл асраҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит, иара убас аҵәеигәыдҵаҿгьы актәи аҭыԥ ааныркылеит.Аԥсуа жәлар рыхәмарра аимҵакьачраҿ Қәҭолатәи акоманда аԥыжәара аанакылеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/1d/1057892529_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_f5eef33402c939c4c3bc94cd38c1b600.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкны: Мықәашҭа имҩаԥысуаз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа
23:10 29.09.2025 (ирҿыцуп: 00:05 30.09.2025) Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз аҽтәы спортхәмаррақәа мҩаԥысит Мықәашҭа.
Ҩымш ицоз аицлабрақәа реихшьаалақәа ҟаҵан цәыббра 29 ахәылбаҽха.
Арасаӡыхь ақыҭантәи акоманда ҽыла ампыл асраҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит, иара убас аҵәеигәыдҵаҿгьы актәи аҭыԥ ааныркылеит.
Аԥсуа жәлар рыхәмарра аимҵакьачраҿ Қәҭолатәи акоманда аԥыжәара аанакылеит.

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз аҽтәы спортхәмаррақәа мҩаԥысит Мықәашҭа.

Аҿыбӷаҟазацәа еицлабуан аҵәеигәыдҵа, ҽыла ампыл асра, аҽырхәмаррақәа, аҽырҩра уҳәа рҟны.

Аҵәеигәыдҵаҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит арасаӡыхьаа.

Аԥсны даара ҳаҭыр ду ақәуп аҽтәы спортхәмаррақәа.

Аҽыхәмаррақәа ирҭаауеит шәҩыла атәыла ауааԥсыреи асасцәеи.

Иахьа Мықәашҭа иаҭааит атәыла ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба.

Арасаӡыхь ақыҭантәи акоманда ҽыла ампыл асраҿгьы актәи аҭыԥ ааныркылеит.

Ахәаԥшцәа ргәырӷьара рзыҵәахуамызт.

Аныҳәахь ааԥхьара рыман Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьуссоев зхадараҿы дыҟаз аделегациа.

Аҽтәы спортхәмаррақәа аԥсуа жәлар жәытә аахыс ртрадициақәа ирыхәҭакуп.

Амилаҭ хәмарра аимҵакьачраҿ аиааира ргеит кәтолаа.

Иара убас, имҩаԥысит еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла аҽырҩрагь.