Аԥсны

Аԥсны ахада 2025 шықәса ҭагалантәи аррамаҵурахьы ааԥхьаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Аԥсны Аминистрцәа реилазаареи, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадацәа рнапы ианҵоуп аррамаҵурахь анаԥхьареи арраҟынтә ахрақәиҭтәреи ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара еиҿыркаарц.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба 2025 шықәса жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза рзы аррамаҵурахьы ааԥхьаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Жьҭаара 1 инаркны ԥхынҷкәын 31-нӡа 18 шықәса инаркны 27 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаа аррамаҵурахь ааԥхьара роуеит.
Аррамаҵура аҟынтәи рхы иақәиҭтәхоит аррамаҵураҟны зыҿҳәара нҵәаз.