Аԥсны

Аҟәа ихыркәшахеит Кавказ аҭоурыхҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум

Кавказ аҭоурыхҭҵааҩцәа рфорум ааҭит жьҭаара 1 азы, уи рхы аладырхәит 200-ҩык инареиҳаны Аԥсны, Урыстәыла, аҳәаанырцә атәылақәа рҟнытә аҵарауаа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik. Аҟәа ихыркәшахеит Кавказ аҭоурыхҭҵааҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Кавказ ажәларқәа XVIII-XXI ашәышықәсақәа рзы: аҭоурых, аполитика, акультура".
Иара иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, Узбекистан, Ҟазахстан, Ермантәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа рҟынтәи 250-ҩык аҵарауаа.
Хымш ирылагӡаны дара Кавказ аполитикатәи асоциалтәи ҿиара, акультура, абызшәатә зҵаарақәа ирызкыз ажәахәқәа рыла иқәгылеит. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аиубилеитә секциа "Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Кавказ иахьатәи аҭоурых апроблемақәеи".
Афорум хыркәшахеит аҵарауаа Станислав Лакәабеи Николаи Ҭраԥшьи ргәалашәара иазкыз астол гьежь.
Аконференциа ахыркәшамҭаз иӡырган х-томк рыла ишьақәгылоу аизга "Аԥсны аурыс литератураҿы XIX-XX ашәышықәсақәа рзы".
"Адунеизегьтәи алитературатә институт аҿы ҳара имҩаԥаагеит еицаҳзеиԥшу аконференциақәа, убасҟан ауп аизга аҭыжьразы агәазыҳәара анцәырҵыз. Апрофессор Марина Иван-иԥҳа Шьербакова лоуп аидеиа авторсгьы, аредактор хадасгьы иамоу", — ҳәа азгәеиҭеит аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум аатит жьҭаара 1 азы. Иара Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵреи, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵреи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 100 шықәса ахыҵреи ирызкын.