Аԥсны

Гал араион аҿы даанкылоуп ашпионаж азы агәҩара ззыҟоу Қырҭтәыла атәылауаҩ

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik. Гал араион аҿы даанкылоуп ашпионаж азы агәҩара ззыҟоу Қырҭтәыла атәылауаҩ ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Шьашьикәара ақыҭан 39 шықәса зхыҵуа Шьалуа Хизинишвили иҩны аҟны ирԥшааит абџьари, ахеиқәыршәақәеи, қырҭтәылатәи ашәҟәбӷьыцқәеи, авалиутеи, қырҭтәылатәи абанкқәа ркартақәеи.
Иара убас, абаҳчараҿы игылоу алаҭраҿы артҟәацга рыԥшааит.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, Хизинишвили амҩақәҵаҩцәа ирзишьҭон Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә архәҭақәа руак авидео ала иҭыхны, уи азын аԥара ирҭон.
Уи азы ашьаус аартуп.
Аԥсны
Аԥсны даанкылоуп Ҭырқәтәыла атәылауаҩ