Аԥсны

Гәдоуҭа аӡеилаларҭақәа дрыцқьоит

Уаанӡа амшцәгьа Гәдоуҭа ақалақьи араиони ааха анаҭахьан. Аӡиасқәа ҩ-метрак рҟынӡа ишьҭыҵит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik. Гәдоуҭа аӡеилаларҭақәа дрыцқьоит ҳәа аанацҳауеит араион ахадара.
Акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа аӡиасқәа Кистрик, Гәдоу, Аӡлагарка рҿы аус руеит.
Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Феликс Сымсым иажәақәа рыла, иааиуа амчыбжь азы иззыԥшу амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡхыҵра аԥырҟәҟәааразы ауп арҭ аусурақәа зымҩаԥысуа.