Аԥсны

Гагра ахақәиҭтәра амш азы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит жьҭаарамза 6 рзы

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Гагра ахақәиҭтәра амш азы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит жьҭаарамза 6 рзы.
11:00 — 1992–1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара.
18:00 — Аиааира ашҭаҿы аныҳәатә концерт, асалиут.
Жьҭаара 6 1992 шықәсазы Аҳәынҭқарра абираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа Ԥсоу. Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа.